Арадио

Кәыҵниа: ашәарыцалақәа рцәыргақәҵа ашәарыцара акультура иатәуп

Аԥсны ашәарыцаҩцәа рхеилак ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит иарабан лақәоу ҳтәылаҿы ашәарыцаразы ирааӡо.
Sputnik
Кәыҵниа: ашәарыцалақәа рцәыргақәҵа ашәарыцара акультура иатәуп

"Ахәы змоу ала, иаҳҳәап англыз сеттер ҳа ҳҟны аныҟәгара уи аҟара ирҭахӡам. Избанзар амаркаџьы иакуеит, иаҳҳәап амхқәа рҿы. Иаҳа азҿлымҳара амоуп ахәы змам - англыз поинтер, курцхар, дратхар, дара арыцқьара рҭахым. Дратхар ала ӷәӷәа ҳәа иԥхьӡоуп, Урыстәыла иаҳа иазҿлымҳауп, ахьҭа ачҳауеит, аҵаа иацәшәаӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Ашәарыцаҩ иажәақәа рыла, есышықәса Аҟәа имҩаԥысуа алақәа рцәыргақәҵахь анеира зҭахым шыҟоу. Уи ашәарыцара акультура иахәҭакуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Аԥсны ашәарыцаҩцәа ҩба-хԥа ла рымоуп, ааигәанӡа саргьы хлак ақалақь аҿы исыман. Аха ацәыргақәҵахь инеиуа маҷҩуп, иацәаашьогьы дыҟоуп. Ала бзиа имоуп, аха ацәыргақәҵахь инеигаӡом, аха уигьы ашәарыцаратә культура ишатәу изеилкааӡом. Иара шықәсык ахь знык ауп ианыҟоу, уазҿлымҳазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.