Асасааирҭа "Абхазия" аиҭашьақәыргылара иалагеит

Аргылаҩцәа аремонт рзыҟарҵахьеит аӡымҩангага, аканализациа, идырӷәӷәеит афундамент, акорпус "А" аҭӡамцқәа. Хара имгакәаа ктәи аихагылаҿы иаадыртраны иҟоуп акаҳуажәырҭа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 29– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа иалагеит асасааирҭа "Абхазия" актәи аихагылаҿы акаҳуажәырҭа аремонт азура.

Асасааирҭатә комплекс ахатәтәҩы Владимир Бигәаа иажәақәа рыла, аремонттә усурақәа лассы ихыркәшахоит, "Абхазия" зыхьыӡхо акаҳуажәырҭагьы аҭааҩцәа рзы ашәқәа аартхоит.

Асасааирҭа "Абхазия" аиҭашьақәыргылара иалагеит

Ахатәтәҩы ишыиҳәо ала асасааирҭа иаарласны шьаҭанкыла аргылара ахьыуадаҩу азы аусурақәа еихшахоит. Уажәазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп акорпус "А" аҿы.

"Аргылаҩцәа аремонт рзыҟарҵахьеит аӡымҩангага, аканализациа, идырӷәӷәеит афундамент, акорпус "А" аҭӡамцқәа. Аусурақәа ирҿуп асасааирҭа акәша-мыкәша арԥшӡаразы. Асасааирҭа иаакәыршаны еиҭарҿыцхоит анеиааирҭамҩа", - иҳәоит Бигәаа.

"Абхазия" 1930-тәи ашықәсқәа рзы иргылан (архитектор Владимир Шьчуко- аред.). Акомплекс 30000 метрԥшьыркца иҟоуп, Лакоба, Леон, Аидгылара амҩақәеи Амҳаџьыраа рыԥшаҳәеи иаԥнуп.

Асасааирҭа СССР иреиӷьӡақәоу ҳәа ишьан. "Абхазия" ахыбра 1985 шықәса рзы иблит.

"Абхазия" хатәтәра иагеит аилахәыра "Континенталь". Ахатәтәратә шәарақәеи аҳәынҭқарратә баџьи идыртәеит 73 миллион мааҭ.

Асасааирҭа "Абхазия" аиҭашьақәыргылара иалагеит