Арадио

Занҭариа Фазиль Искандер изы: аԥсшәа рҭаныҟәон иара ирҿиара ашьамҩангақәа зегьы

Ԥхынгәы 31, 2016 шықәса рзы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа-аурыс прозаик, ажурналист, асценарист, ауаажәларратә усзуҩы Фазиль Искандер. Иара ирҿиара аҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ, акритик Владимир Занаҭариа.
Sputnik
Занҭариа Фазиль Искандер изы: аԥсшәа рҭаныҟәон иара ирҿиара ашьамҩангақәа зегьы

"Фазиль урысшәала дыҩуан, аха аԥсуа бызшәа рҭаныҟәон иара ирҿиара ашьамҩангақәа зегьы. Аԥсуа доуҳа, аԥсуа цәа, аԥсуа ҟазшьа шанирԥшыз урысшәала иҩуаз азгәеиҭахьан Станислав Рассадин. Иара урысшәала дшыҩуазгьы, даԥсыуан даанхеит. Искандер ирҿиара "Сандро Чагьамтәи" аума, раԥхьатәи иажәабжьқәа роума, зегьынџьара аԥсуа лаф, аԥсуа доуҳатә ԥсҭазаара аныԥшуан. Аха уи баша баҩ злам ччараны, лафны акәӡам, аԥсуа илаф ҵаҵӷәыс иаҭаны ацәыргашьа дақәшәеит, насгьы адунеи аԥхьаҩцәа зегьы игәарҭартә еиԥш аҟаҵара илшеит", - ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.