Аиҭашьақәыргылара ацашьа: "Аԥсныавтомҩа" имҩаԥгоу аусурақәа ирылацәажәоит

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Тҟәарчал, Гәдоуҭа, Каман уҳәа амҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1– Sputnik. "Аԥсныавтомҩа" аиҳабы Борис Ачба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликаҿы амҩақәа рышьақәыргылара аус шцо.

"Иахьазы Гәдоуҭа ақалақь Март 4 амҩа аиҿкаара ахыркәшарахь инеихьеит, акаҭранқәҵара мҩаԥгатәны иҟоуп. Амҩа аура километраки 250 метреи иҟоуп. Жәамш ирҭагӡаны иааидкыланы аусурақәа ҳрылганы, аобиект раҳҭоит", - иҳәеит Ачба.

Амҩа ахарџьынҵатә хәыԥса иартәоит 26 миллион мааҭ. Ачба иара убасгьы иҳәеит Тҟәарчали Агәыбедиеи рыбжьара амҩагьы акаҭранқәҵара амацара аанханы ишыҟоу.

"Амҩаҟаҵара акыр иуадаҩуп, адгьыл ахьыҳәазо аҭыԥқәа рацәоуп. Арӷәӷәага ҭыӡқәа ҟаҳҵеит, аӡымҩангагақәа шьҭаҳҵеит. 11 километра рҟынтәи 7 километрак ҳахысхьеит. Амш иаҳнаҭар, нанҳәа 6-7 рзы акаҭран ықәҵаны ҳалгоит", - иҳәеит иара.

Амҩаҟаҵара адагьы еиҭашьақәыргылатәхеит ацҳақәа ԥшьба.

"Ацҳақәа рзы атәыла ахада аԥара азиԥшааит. Ахарџьынҵатә хәыԥса 58 миллион мааҭ иҟоуп. Иахьазы ахархәара аҭоуп 47 миллион", - иҳәеит Борис Ачба.

Аусурақәа ирҿуп Каман, Гәыматәи амҩаҿы. Иҟаҵатәу амҩахәҭа 6 километрак инаӡоит.

"Ашықәс нҵәаанӡа Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони еимаадароуп. Уажәазы аӡымҩангагақәа шьҭаҵатәуп. Ажратә усурақәа ҳрылгар, амҩа ахаҭа нап аҳаркуеит", - еиҭеиҳәоит Ачба.

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Тҟәарчал, Гәдоуҭа, Каман уҳәа амҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владислав Сурков Аԥсны даҭаан дыҟоуп

  • Ҷкотуа: Гагратәи аԥсуа школ аргылара иарбоу аамҭа иахьаҳагӡоит