Гагра аӡыржәтә ахәашьра ақәаршыҩқәа ирыхҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит аҟазауаа

Гагра аепидемиологцәа аӡы анализ аҟаҵараан ауаҩы игәабзиара иаԥырхагам анышәаԥшь шалаз рбеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ареспубликаҿы илеиз ақәаршыҩқәа Гагра аӡыржәтә дырхәашьит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит гагратәи аӡыканал аиҳабы Беслан Цыгәба.

"Аӡы адгьыл аҟны акыр иҵауланы ишыҟоугьы, амшцәгьақәа раан аӡыржәтә хәашьуеит. Шықәсык ахь ҩынтә-хынтә абасеиԥш иҟалоит. Мчыбжьык ахы-аҵыхәала аӡы аҽарыцқьоит", - иҳәеит иара.

Аӡыканал аиҳабы иазгәеиҭеит асовет аамҭақәа раан аус зуаз аӡы арыцқьара асистема иахьа аус шамуа.

Гагра араион асанитар-епидемиологиатә станциа аиҳабы Геннади Жәанба иажәақәа рыла, аӡы абактериологиатә анализ мҩаԥган, уи ишьақәнаргылеит рыжәтәс аӡы ахархәара шыҟало, уи ауаҩы игәабзиара ишаԥырхагам.