Аспорттә еиндаҭлара Swim Sukhum мҩаԥысраны иҟоуп Синоп, нанҳәа 4 рзы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡсареи амшынтә дуатлони рзы аицлабра ҟалоит.
"Изҭаху дҟалозар, ҳара мап ҳҳәаӡом, ҳаигәырӷьоит ҳхы алаҳархәыр ҳҭахуп ҳәа анҳарҳәо. Ҵыԥх ианымҩаԥысуаз Урыстәылантәи иааны иҟаз аспортсменцәагьы алахәын, иара амшын аԥшаҳәаҿгьы аԥсшьаҩцәа ибаны агәаҳәара зызцәырҵызгьы мап рцәаҳамкит. Уи нахысгьы раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥаҳгоит "Swim Run". Ҩ-хкык рыла еиҿарԥоу еицлаброуп, зны иӡсоит, нас иҩуеит, нас еиҭа иӡсаны ҽазнык иҩуеит. Ари зегьы уаанымгылаӡакәа иҟаҵатәуп. Зҽазыҟазҵо рзы ари ацлабра уадаҩрак цәырнагарым, ари даара аинтерес аҵоуп, сгәы иаанагоит, изгәаԥхо рацәаҩхоит ҳәа", - азгәеиҭеит Мамед-оглы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.