АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Иахьатәи Урыстәыла адгьылҵакыраҿы ақьырсианра ҭыԥс иааннакылоз шьақәнарӷәӷәоит Ҟәбина иахьаҵанакуа Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Археологиа аинститут аҵарауаа иаадырԥшыз ижәытәӡатәиу ақьырсиантә ныхабааши амаҭәарқәеи.
"Арҭ аԥшаахқәа аҵак ду рымоуп иахьатәи Урыстәыла адгьылҵакыраҿы ақьырсианра аҭыԥ шааннакылоз аилкааразы. Боспор, IV ашәышықәсазы ауаа ажәацқьа рызнеигон Андреи Аԥхьанаԥхьа. Боспортәи аепархиа иахьаҵанакуоуп еиҳа ижәытәӡатәиу Иоанн Аиашаҳәаҩ иуахәамагьы ахьыҟоу", - ҳәа еиҭеиҳәоит РАН археологиа аинститут Фанагоритәи археологиатә експедициа анапхгаҩы Владимир Кузнецов.
Артефактқәа руак - аишәа - абырзен нбан "сигма" асахьа аман. Арҭ рҩызцәа амаҭәарқәа аиҳарак V-VI ашәышықәсақәа роуп изҵазкуа.
"Асеиԥш иҟоу амаҭәарқәа даара имаҷны иумԥыхьашәоит. Иахьазы еибганы иҟоу аекземплиарқәа ирыҵаркуеит: Афинқәа, Ниу-Иорк, Лондон амузеиқәа рҿы иҵәаху. Убри азы Фанагориа иаарԥшу аишәа акраҵанакуаны иҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәоит Кузнецов.
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп>>
Фанагориа ирбаз ассирқәа иреиуоуп иара убасгьы амармалташь иалху аӡаахырҭа аԥҽыха. Иара ахышәа-ҵышәа зеиԥшроу ала, ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы ирзырхан.
Боспор ақьырсиантә уаԥшьқәа цәырҵит IV ашәышықәса иахымгакәа.
Иара убас шәаԥхьа:
Египет археологцәа ԥшь-нызқь шықәса зхыҵуа асфинкс рыԥшааит
Амшын Еиқәа аҵаҿ ирыԥшааит ҩ-нызқь шықәса раԥхьа иӡааҟәрылаз аӷба