Амшын Еиқәа аҵаҿ ирыԥшааит ҩ-нызқь шықәса раԥхьа иӡааҟәрылаз аӷба

Анапаҵаҩра
Амшын Еиқәа аҵаҿ, ҩ-километрак рҟынӡа алаҟәыраҿ иԥшаауп иахьатәи аамҭанӡа еиқәхаз аӷба амызгәыҭ, ажәҩаҟьаҩцәа рысқам.

АҞӘА, жьҭаара 23— Sputnik. Адунеи аҟны зегь раасҭа ижәытәӡоу аӷба аҟәыхқәа рыԥшааит Амшын Еиқәа аҵаҿы Британиатәи аҵарауаа, археологцәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Guardian адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Сфинкс - Sputnik Аҧсны
Археологцәа Египет асфинкс ҿыц рыԥшааит

Иҟоуп агәаанагара, аӷба ажәытә бырзен ӷбоуп ҳәа.

"Ҩ-километрак рҟынӡа амшын аҵаҿ ишьҭоу, 2400 шықәса раԥхьа иӡааҟәрылаз аӷба – ари сара ахаан зыгәра сзымгоз акоуп", — иҳәеит акоманда аҭҵааҩы, апрофессор Џьон Адамс.

Иазгәарҭоит ирбаз аӷба аиԥш зеиԥшу ахәаахәҭратә ӷба асахьа ануп ҳәа Британиатәи амузеиқәа руак аҿы иқәгылоу ажәытә бырзен ваза Siren Vase.

Аҵарауаа аӷба ахьыҟоу иаанрыжьырц рыӡбеит, иара ахәҭақәак ауглеродтә анализ аҟаҵаразы ишьҭырхит.

Ажәабжьқәа зегьы
0