Арадио

Қәычбериа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхразы Очамчыра араион аҿы аҽазыҟаҵарақәа шцо

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Славик Қәычбериа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит 200 рҟынӡа аҿар раԥхьаӡа акәны Аԥсны ахада иалхрақәа рхы шрыладырхәуа атәы.
Sputnik
Қәычбериа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхразы Очамчыра араион аҿы аҽазыҟаҵарақәа шцо

"Алхрақәа ҳарзыԥшуп. Очамчыра арион 27 қыҭа ахьыҟоу, 29 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа ыҟоуп, 33 алхырҭатә ҭыԥкәа, дара зегьы иахәҭоу амыругақәа рыла еиқәшәоуп. Иахьазы 16 нызықьҩык рҟныӡа Очамчыра арион аҿы алхрақәа рҿы рыбжьы арҭар рылшоит, урҭ рахьынтә бжьаратәла абжьааԥны 12 нызқьҩык роуп инеиуа. Ирацәаҩуп араион аҿы иҭаҩҩу, аха аршаҳаҭгала даҽаџьара зыбжьы азҭоз. Уажәы ус еиԥш аԥҟара аԥыхуп, ауаҩы дахьҭаҩу алхрақәа ихы рылаирхәыр ауп, уигьы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ианыԥшыр ҟалоит. Ирацәаҩуп 18 шықәса рхыҵны раԥхьаӡа акәны зыбжьы азҭо, 200 рҟынӡа ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәычбериа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.