Арадио

Дбар ҳџьынџьуаа ауадақәа рыҭаразы: ҳҳәынҭқарра аргыларазы акраҵанакуеит

Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит ҳџьынџьуаа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара апроект иалагӡаны 48 ҭаацәара руадақәа рцыԥхақәа шрыҭаз, ашықәс анҵәамҭазы даҽа уиаҟара аҭаацәарақәа ауадақәа рзыршараны иҟоуп.
Sputnik
Дбар ҳџьынџьуаа ауадақәа рыҭаразы: ҳҳәынҭқарра аргыларазы акраҵанакуеит

"Иахьа зыԥсадгьыл ахь иаар зҭаху рзы амҩақәа аатуа иалагеит. Ауадаҩрақәа ыҟоуп, еилкаау усуп, уахьииз - уахьааӡаз, уыуа-уҭахы, уҩызцәа ахьыҟоу зегьы ҽнак иааныжьны сџьынџь ԥсадгьыл ауп ҳәа уаауеит. Ари ауаҩы иԥсҭазаараҿы стресс дууп, ах уи аԥсихологиатә уадаҩра иаиааиз, ус еиԥш ашьаҿақәа ҟазҵаз иахьа  иҳавагылоуп аполитика, аекономика, абизнес, егьырҭ ахырхарҭақәа рҟны. Арҭ иаԥсыуаау ҭаацәарақәоуп. Хымԥада, ари ҳаԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҟны иааннакыло аҭыԥ дууп", - иҳәеит Дбар.

Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан аҩнеихагылаҿ ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа рнапаҿы ироуит зыԥсадгьыл ахь Шьамтәылантә, Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Нхыҵ Кавказынтә ихынҳәыз ҳџьынџьуаа 48 ҭаацәара. Апроект шықәсыки бжаки раԥхьа иалаган. Иазыԥхьагәаҭан  ауада рацәа змоу аҩнқәа ԥшьба рыргылара. Урҭ рҟынтәи ҩба рыргылара ахыркәшарахь инеиуеит, руак аҿы аусурақәа ирылгахьеит. Даҽа 48 ҭаацәара ауадақәа роураны иҟоуп ашықәс анҵәамҭазы ҳәа адырра ҟаиҵеит аминистр.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: