00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Анхарҭа ҿыц: ауадақәа рцаԥхақәа рнапаҿы ироуит ҳџьынџьуаа 48 ҭаацәара

© SputnikАнхарҭа ҿыц: ауадақәа рцаԥхақәа рнапаҿы ироуит ҳџьынџьуаа 48 ҭаацәара
Анхарҭа ҿыц: ауадақәа рцаԥхақәа рнапаҿы ироуит ҳџьынџьуаа 48 ҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маҷара ақыҭан аҩнеихагылаҿ ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа рнапаҿы ироуит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа 48 ҭаацәара.

АҞӘА, нанҳәа 2– Sputnik. Нанҳәа 1 аҽны Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан аҩнеихагылаҿ ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа рнапаҿы ироуит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа 48 ҭаацәара ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистр Беслан Дбар.

Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа - Sputnik Аҧсны
500-ҩык инареиҳаны арепатриантцәа Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа роуит 2018 шықәсазы

"Апроект шықәсыки бжаки раԥхьа иалаган. Иазыԥхьагәаҭан ауада рацәа змоу аҩнқәа ԥшьба рыргылара. Урҭ рҟынтәи ҩба рыргылара ахыркәшарахь инеиуеит, руак аҿы аусурақәа хыркәшоуп. Иҳаӡбеит убри аҩнаҿы ауадақәа рцаԥхақәа изтәу ираҳҭарц", - иҳәеит иара.

Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан уажәазы аргылара иаҿуп 96 ҭаацәара ирызхаша аҩнеихагыла иҳәеит аминистр.

"Ацаԥхақәа рыҭан зыԥсадгьыл ахь Шьамтәылантә, Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Египтнтә, Нхыҵ Кавказынтә ихынҳәыз ҳауаажәлар", - иҳәоит Дбар.

Уаанӡа аминистрра ауадақәа қьырала иаанкыланы ахә ахыршәаауан. Есышықәса 600 000 мааҭ рҟынӡа аԥара ршәон.

"Арҭ аԥарақәа аҩнқәа рыргылараан ҳхы иаҳархәоит", - иҳәеит аминистр.

Беслан Дбар ишиҳәаз ала ауадақәа ҵәҭаԥсарала еихыршеит.

© SputnikДома для репатриантов
Анхарҭа ҿыц: ауадақәа рцаԥхақәа рнапаҿы ироуит ҳџьынџьуаа 48 ҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Дома для репатриантов

Ауадақәа занашьахаз аҭаацәарақәа ралкаараан азхьаԥшра ҷыда рыҭан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аинвалидцәа, зхала ахшара зааӡо анацәа, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа.

© SputnikДома для репатриантов в селе Мачара
Анхарҭа ҿыц: ауадақәа рцаԥхақәа рнапаҿы ироуит ҳџьынџьуаа 48 ҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Дома для репатриантов в селе Мачара

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0