"Атурнир иалахәыз зегьы уаҳа наҭахымкәа ибзианы рхы аадырԥшит, аицлабрақәа ԥшӡаны имҩаԥысит. Иаҳҭаз асасцәа даара иргәаԥхеит, зегьы иҭабуп ҳәа ҳарҳәеит, ахә ҳаракны иршьеит. Раԥхьаӡа акәны аицлабра иалахәын акомандақәа хәба", - иҳәеит Цкәуа.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аартыҩ, Леон иорден занашьаз Гиви Смыр игәалашәара иазкыз а-III-тәи Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысуан ԥхынгәы 28 инаркны нанҳәа 1-нӡа Афон Ҿыц ақалақь аҟны. Уи иалахәын Аԥсны , Урыстәыла, Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа рҟынтәи ахәыҷтәы шьапылымпылтә командақәа 16. Актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәатәи акоманда "Динамо", аҩбатәи Москватәи "Девиатка", ахԥатәи Очамчыратәи ашьапылымпыл асыҩцәа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц
Гиви Смыр ихьӡ Афонтәи аҳаԥы иахҵазарц ажәадгала ҟаҵоуп