Арадио

Чачхалиаԥҳа: анаурқәа рықалақь ҳәа Тҟәарчал ианазырҳәо ҳгәы ннархоит

Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ақалақь- фырхаҵа абзазара аиӷьтәразы иалыршоу аусурақәа ртәы.
Sputnik
Чачхалиаԥҳа: анаурқәа рықалақь ҳәа Тҟәарчал ианазырҳәо ҳгәы ннархоит

"Анаурқәа рықалақь ҳәа ҳаргьы лассы-ласс иҳаҳалоит, уи даараӡа ҳгәы ннархоит аиашазы. Иахьа Урыстәылантәи иаауа ирлас-ырлас ихалалоит Џьанҭоу, Аҟармара аҳаблақәа рахь. Иахьа нас уаҟа иаанхаз аҭыԥантәи ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акырӡа имаҷуп, избанзар уаҟа уаанӡа инхоз реиҳараҩык аурыс, ақырҭуа милаҭ еиуаз ракәын. Аха уаҟагьы иахьа атуризм аганахьала аусурақәа мҩаԥысуеит, иахьа акәзар амҩан ҩажәаҟа машьына сԥылеит аԥсшьаҩцәа зықәтәаз. Егьыс ақалакь азы анаурқәа рықалақь ҳәа аҳәара иашаӡам, ақалақь аиҭаҿиара амҩа иануп, ахаҿрарԥшӡара иаҿуп, ақалақь аԥшра аиурц азы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьаҿақәа ҟаҵоуп", - лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: