Арадио

Габалыиа хаҵа имцакәа ахшара дзауз рзы: аҳәынҭқарра аргылара аидеиа иақәыршәаны иӡбатәуп

Иабанӡаԥхашьароу аԥҳәыс лзы хаҵа дымцакәа ахшара лоура, насгьы ҳәаак амазароума уи аҩыза ашьаҿа згәаӷьыз лықәыӡбара, абри азҵааразы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит ашәҟәыҩҩы Дмитри Габалыиа.
Sputnik
Габалыиа хаҵа имцакәа ахшара дзауз рзы: аҳәынҭқарра аргылара аидеиа иақәыршәаны иӡбатәуп

"Аҭагылазаашьақәа еснагь еиԥшым. Иахьа уажәраанӡагьы ҽеила иҭҵааны иҟам ус еиԥш азҵаарақәа ӡбашьас ирымаз. Аха егьа ус акәзаргьы, иҳаҩсыз аамҭақәа рзы, атрадициақәа иаҳа ишыџьбаразгьы ас еиԥш ахҭысқәа иаҳа ирҵәахуан Аӡбашьагьы еиӷьны иақәшәон уҳәар ауеит.
Иахьа ҳара ацуҭа акәӡам иҳаргыло. Азинтә ҳәынҭқарра ҳаргылоит ҳҳәеит, амилаҭ реидкылара ҳхықәкқәа иреиуоуп ҳәа азгәаҳҭеит. Убри аидеиа инақәыршәаны ас еиԥш иҟоу азҵаарагьы аӡбашьа аиуроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габалыиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: