"Аклассикатә ҭаацәараҿы ани аби ыҟазароуп, ахәыҷы урҭ рҩыџьагьы бзиа ибоит. Аха убас ианыҟалалак, аҭыԥҳа аҭаацәара далымлакәа ахшаара лцәа даналалак, хәымз-фымз рҟны днеины ишьра азин лымаӡам. Ауаҩы ихдырра убас иҟоуп, ииҭаххар, аус ишахәҭоу амҩа иқәиҵоит, ирԥшӡоит. Ҳмилаҭ шьҭаҳхыр ҳҭахызар, асаби диироуп, дышьтәӡам. Уи иаб дидимкыларгьы, ан лыжәла илҭааит. Хымԥада, ари азҵаатәы аҟны исҿагыло ҟалоит, аха аԥсҭазаараҟны аҭагылазаашьақәа еиԥшым. Анкьагьы, уажәгьы, ирҭаххар, аус аӡбашьа иақәшәоит хшыҩла, ҭаацәашәала еизхәыцны еидгылар. Аха аӡӷаб илхароуп ҳәа иналгәыдҵаны лышьра уи сақәшаҳаҭым, иҟалаз иашамзаргьы", - лҳәеит Ҳашԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Габалыиа ахәыҷы аҭаацәа иалымиаара атәы: аҳәынҭқарра аргылара аидеиа иақәыршәаны иӡбатәуп
Алҭеиба: санажәуа даасхылаԥшып ҳәа ахәыҷы дзааӡо - пату сызиқәым