Сақаниа еиҭеиҳәеит Маркәылатәи археологиатә ԥшаарақәа ртәы
© Sputnik
"Шьҭа шықәсыкым аус аауеижьҭеи Маркәыла иҟоу хжәарак аҿы. Иара ҳахьахәаԥшуаз шуахәамаз аабеит, уи агәра анаҳга, аҭҵаарақәа ҳрылагеит. Уи ауахәамаҿы иҟаҵаз аԥшаарақәа ирызкны ҩба-хԥа конференциаҿы ақәгыларақәа мҩаԥаагеит Галина Требелевеи (урыстәылатәи археолог) сареи. Аҭҵаарақәа ирыбзоураны убра иԥшаахаз аԥсыбаҩқәа рыла ишьақәыргылахеит ауахәама иаважыз ауаа рыԥсҭазаара шьақәгылеит, реизҳара ҟалеит, иара убра ааигәа-сигәа анҳарҭатә ҭыԥ аҿы ҳәа. Ари даара аинтерес аман сара сзы, избанзар аҭоурых аҿы ауахәамақәа рҿы аус зуаз ма Қыртәылантәи иааит, ма даҽаџьарантә ҳәа иарбоуп. Арҭ аԥсуаа ракәын ҳәа аҳәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.