Арадио

Асланӡиа еиҭеиҳәеит Гал атәыла ахада иалхрақәа рыҽшырзыҟарҵо

Гал араион аҟны алхратә ҭыԥ хада комиссиа ахантәаҩы Асҭамыр Асланӡиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа рышҽазыҟарҵо.
Sputnik

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25 рзы. Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рхыԥхьаӡара 10-ҩык ыҟоуп.

Асланӡиа еиҭеиҳәеит Гал атәыла ахада иалхрақәа рыҽшырзыҟарҵо

"Галтәи алхратә ҭыԥ хада 35 иаҵанакуеит алхратә ҭыԥқәа ҩба: актәи иаҵанакуеит Гал араион адгьылҵакыра, аҩбатәи - Тҟәарчал араион ақыҭақәа быжьба. Алхыҩцәа рсиа макьана аус адаҳулоит, аҩ-ҭыԥк рҟны 837–ҩык ыҟоуп. Аԥсны атәылауаҩ ишәҟәы аԥсахра цон иаҳхысыз ашықәсқәа, уи атәылауаҩшәҟәы змоу алхыратә ҭыԥ хада иаҵанакуа рсиақәа аус рыдаҳулоит. Алхратә комиссиа хадаҟынтәи иҳаураны ҳаҟоуп абжьыҭаратә бгьыцқәа зҭарыԥсо акәалаԥқәа, бжеиҳан алхратә ҭыԥқәа хиоуп", - иҳәеит Асланӡиа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.