Мархьаул ақыҭан Маҷара аӡиас ацҳа хҵаны иалгеит

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба Гәылрыԥшь араион аинфраструктуратә обиектқәа ргәаҭара мҩаԥигеит нанҳәа 5 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Мархьаул ақыҭан Маҷара аӡиас ацҳа хҵаны иалгеит. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба Гәылрыԥшь араион аинфраструктуратә обиектқәа ргәаҭара мҩаԥигеит нанҳәа 5 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

"Араион ахада Аслан Бараҭелиеи аргыларақәа мҩаԥызгоз аилахәыра ахаҭарнакцәеи аԥыза-министр изеиҭарҳәеит 140 метра зоура ыҟоу ацҳа ақәаршыҩқәа раан ааха ӷәӷәа шаиуз. Убри инадҳәаланы аусурақәа рыплан еиқәыршәаны, иара шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылан",  - аҳәоит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аӡышьҭра анҵыӡәӡәааха ацҳашьаҭақәа уашәшәырахеит ҳәа Бганба изеиҭалҳәеит аргыларатә еилахәыра "Лига – 1" анџьныр Марина Самоилова.

Мархьаул ақыҭан Маҷара аӡиас ацҳа хҵаны иалгеит

 

Бараҭелиа иазгәеиҭеит уажәтәи ацҳа иара ахархәара аамҭа иацызҵо ахьчара аҭоуп ҳәа.

"Аҭыԥ аҿы анџьныр-техникатә уснагӡатә харҭәаарақәа мҩаԥган аӡышьҭра арыцқьареи ариашареи рзы. Арҭ аусурақәа ирылдыршеит аӡцара армариара. Иргылан зоура хә-метрак инаӡо аԥслымӡ-бӷанҷ еилазаарала анапылаҟаҵаратә дамбақәа", - иҳәеит араион ахада.

Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура адыррала атәыла аԥыза-министр иара убасгьы ибеит Каштак иахьаҵанакуа аӡхыҵрақәа раԥырҟәҟәааразы имҩаԥгаз аусурақәа. Ара ақәаршыҩқәа раан аӡцарҭақәа аус руамызт. Аргылаҩцәа аӡцарҭақәа дырҭбааит, Абжьыуаа рымҩаду иаваршәны ажрақәа авгоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аиҭашьақәыргылара ацашьа: "Аԥсныавтомҩа" имҩаԥгоу аусурақәа ирылацәажәоит