АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла ахада Владимир Путини еиԥылараны иҟоуп Шәача нанҳәа 6 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
"Аиҿцәажәараан Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини ишьҭырхраны иҟоуп асоциал-ҽкономикатә усеицуреи аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа наҟ-наҟтәи рыҿиареи азҵаарақәа", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини раԥхьатәи реиԥылара мҩаԥысит 2014 шықәса рзы. Усҟан дара рнапы аҵарҩит Аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын Путин шәачатәи ирезиденциа "Бочаров ручей" аҿы абҵара 24, 2014 шықәса рзы.
Аҩбатәи аиԥылара мҩаԥысит лаҵарамза 15, 2015 шықәса рзы, Шәача. Усҟан азхьаԥшра аҭан Аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа рынагӡара шымҩаԥысуа.
Аԥсныи Урыстәылеи аекономикеи ашәарҭадареи русхк аҟны реинырра иалацәажәан Москва, жәабран 18, 2016 шықәса рзы.
Пицунда, нанҳәа 8, 2017 шықәса рзы имҩаԥысит аԥшьбатәи реиԥылара. Усҟан напы аҵаҩын Амедицинатә ԥгаԥса аиҿкаара аусхк аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.
Аԥсныи Урыстәылеи рхадацәа аҵыхәтәантәи реиԥылара аҭыԥ аман абҵара 21, 2018 шықәса рзы Шәача ақалақь аҟны. Усҟан дара алацәажәеит ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.