Вашингтон Урыстәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа аланагалоит

Асабша, нанҳәа 3 рзы Вашингтон аҳәамҭа ҟанаҵеит асанкциақәа аҩбатәи рпакет Урыстәыла аганахьала шаланагало азы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. ЕАА Афинансқәа рминистрра аинформациа ҟанаҵеит Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа аҩбатәи рпакет азинмчра шаиуа нанҳәа 26 инаркны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Адиректива амчра аиуеит нанҳәа 26, 2019 шықәса рзы, аконгресс адырра анаиулак ашьҭахь", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.

ЕАА адепартамент хада уаанӡатәи адыррақәа рыла, асанкциа ҿыцқәа амчра роуеит нанҳәа 19 инаркны.

Скрипальраа рус иадҳәалоу асанкциақәа Москва аганахьала аԥкрақәа азԥхьагәарҭоит. Иалагалахоит аекспорт аркьаҿрақәа.

Убри аан ЕАА Афинансқәа рминистрра иазгәанаҭеит аҳәынҭеилакқәа асанкциақәа ишрыҵарымкуа.

ЕАА Рконгресс Урыстәыла аҳәынҭуал аганахьала асанкциақәа арҽеирақәа рыларгалоит

Солсбери иҟалаз ашҳамыркра

Хәажәкыра 4, 2018 шықәса рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британиатәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар, абри аҳәамҭа мап ацәнакит.

Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы Урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩнуҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбара аднакылеит.

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, ЕАА аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ЕАР иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәыла аконсулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟамызт.

Скрипаль агәра игом урыстәылаа ашҳам ирҭеит ҳәа

Москва акәзар, имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауан. Владимир Путин иакәзар, иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар амам ҳәа.

Уаанӡа, агазеҭ Daily Telegraph аҟны икьыԥхьын Лондон агәаанагарала Солсберитәи ахҭыс иалахәу ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы иӡбахә.

Ари ауаҩ Сергеи Федотов ихьӡуп. Агазеҭ аинформациала иара Британиаҟа дааит ГРУ иаусзуҩцәоуп ҳәа Лондон иашьо Александр Петрови Руслан Боширови анааз аҽны. Федотов дара Москваҟа излаԥрыз ареис аҟны дҭаҩын, аха аҵыхәтәаны иара аԥырра мап ацәикит.

"Британиатәи аполициа Солсберитәи ахҭыс хырхарҭа рацәала аҭҵаара иаҿуп. Аус адырулоит ахҭыс иалахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу зегь рышьақәыргылара", - ҳәа иҳәеит амаҵзура ахаҭарнак.

Сергеии Иулиеи Скрипальраа хәажәкыра 4 рзы Солсбери ашҳам рыҭан. Ахҭыс жәларбжьаратәи ахцәажәара ахылҿиааит. Лондон иҟалаз Москвоуп изыхҟьаз аҳәеит. Москва уи мап ацәнакуеит.

Цәыббрамза алагамҭазы Скрипальраа ахәшә рызҭаз ҳәа рыхьӡ рҳәеит Александр Петрови Руслан Боширови. Москва Лондон ахь ааԥхьара ҟанаҵеит аҽыԥныҳәаҟаҵара аасҭа аусеицурахь ииасырц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: