Арепатриациа

Џьенгиз Ашəба: ҳара ҳнаҩс еиҵагыло абиԥара еибадырырц, еизааигəахарц ҳҭахуп

Ҭырқəтəыла, Ҷлоу ақыҭаҿы имҩаԥысыз аижəлантəқəа Ашəаа реизара аҵакы дазааҭгылоит Бурса ақалақь аҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Џьенгиз Ашəба.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Џьенгиз, аҵыхəтəантəи аамҭазы Ҭырқəтəыла инхо аԥсуаа- аижəлантəқəа реиқəшəара мҩаԥыргоит. Ашəаа реизара атәы аҭоурых шәазааҭгыл.

- Сынтəа, Ҭырқəтəыла инхо Ашəаа абыжьбатəи ҳаизара мҩаԥаҳгеит. Ашəаа ахьынхо ақыҭақəа еимаҳдоит, иҳаҧшаауеит ҳаигəныҩуеит. Есышықəса  еиҿаҳкаауеит ас еиҧш иҟоу аизара, амҩа иқəызҵо гəыҧҩык ҳаҟоуп, ианымҩаҧаҳгаша амш алаҳхуеит, нас иааиуа ашықəс азы қыҭак алхны Ашəаа ахьынхо убра ҳаиқəшəоит. Ашəаа ҭаацəала ирацəаҩны иахьынхо акəзааит, мамзаргьы ҭӡык акəзааит, ақыҭаҿы иахьынхо ҳцаны имҩаԥаҳгоит.

Џьенгиз Ашəба: ҳара ҳнаҩс еиҵагыло абиԥара еибадырырц, еизааигəахарц ҳҭахуп

- Ҭырқəтыла еиҳарак иарбан қыҭақəоу Ашəаа ахьынхо?

- Ҳажəлар еиҳарак Сақариеи Диузџьеи рганахь ауп иахьынхо, Ефҭениа инаркны Џьгьарда Сауксунӡа. Сынтəа иахьымҩаҧаҳгаз Лоу ҳəа иашьҭоуп, Караҧнар ахьӡуп Ҭырқəшəала. Шамахамзар ҳара ҳажəлантəқəа зехьынџьара иҟоуп.

- Имҩаԥыжəго аизарақəа, аиԥыларақəа хымԥада хықəкык, ҵакык рымоуп. Ашәаа шәхықәкы арбан, насгьы аҿар шәрылабжьоума?

Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых

- Ҳара ҳнаҩс иааиуа ахəыҷқəа, ҿыц еиҵагыло абиҧара дара-дара еибадырырц, еизааигəахарц ҳҭахуп. Зегь раҧхьа иргыланы шьак-дак ишатəу, жəлак шырхоу, ишаҧсацəоу ргəаҵанӡа инаҳгарц ҳҽазаҳшəоит ҳарҭ аиҳабацəа. Ҳаззааиз аамҭазы даара ибзианы ижəдыруеит, ақыҭақəа рҟынтə ақалақьқəа рахь ишагаз ҳауаажəлар. Аижəлантəқəагьы даара ирацəаҩуп еибазымдыруа. Џьара еиқəшəар ишеишьцəоу рдыруазааит ҳəа ҳаҧхныҩлоит. Ҳаҧсуара, ҳҵас-ҳқьабз, ҳаҧсадгьыл уҳəа еиуеиҧшым азҵаарақəа ҳрылацəажəоит. Џьара аӡəы ак илшозар иуаажəлар, иҭоурыхтə ҧсагьыл азы агəахəа алаҳхуеит, дымҩақəаҳҵоит. Ажəакала иаҳҳəозар, ҳаҧсуара ҳаиднакылоит, уи ауп мҩас ҳазқəугьы.

- Ҭырқəтəыла инхо Ашəаа рахьтə зықəра ыҟоу абыргцəа шəымоума?

- Ҳазҭагылоу аамҭазы имаҷхеит зықəра ыҟоу абыргцəа. Зегь реиҳа деиҳабны дҳамоуп Џьгьарда акыҭа инхо Феҳми -амџьа Ашəба, шəышықəса дырзааигəоуп, Анцəа анҵыра иҭ, агəабзиара игымхааит. Ефҭениа дынхоит иара убас зықəра ыҟоу абырг  Зиа-амџьа Ашəба, дыҟоуп убас еиҧш ҳашьа ду Рыдуан-амџьа Ашəба. Аиаша ҳҳəозар, аиҳабацəа напык азна аҟароуп иаҳзаанхаз, акыраамҭа Анцəа иҳагумырхан. Урҭ ҳаизара иалахəын, даара гəахəасгьы иҟаҳҵеит.

Џьенгиз Ашəба: ҳара ҳнаҩс еиҵагыло абиԥара еибадырырц, еизааигəахарц ҳҭахуп

- Ҭырқəтəыла инхо аҧсуаа рахьтə ирацəаҩуп жəлала абас еиҧш аиҧыларақəа еиҿызкаауа, насгьы еиҳарак иарбан жəлақəоу?

- Аҵыхəтəантəи аамҭазы инеихьаҧшны имҩаҧырго иалагеит ажəлақəа ҧыҭҩык. Аҩӡаа роуп аҧхьанатə ахы зкыз. Излажəдыруа ала, Аҩӡаа Ҭырқəтəыла ирацəаҩуп инхақəо. Жəлак бжьасмыжьааит, шамахамзар жəлацыҧхьаӡа имҩаҧыргоит, хыҧхьаӡарала ирацəа-имаҷ. Ус еиҧш хыҧхьаӡарала  ирацəаҩны иҟаз ажəла ас еиҧш аусмҩаҧгатə ианалага, еиҿыҧшны иргəаҧханы егьырҭ ажəлақəагьы аиҿкаара иалагеит.

- Шəабацəа шəабдуцəа рҟынтə имырӡкəа иаажəгаз шəаҧсуара еизҳауа аҿар рызнагаразы хра злоу акакəны иҟоуп ас еиҧш иҟоу аиқəшəара. Аҧхьаҟагы еихашəҳауеит хымҧада, ус аума?

Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала

- Хымҧада, уи ауп ҳҿаҧхьа иреиҳау зҵаараны иқəгылоу. Ажəытə аиҭанаиааира шаҟа имариамыз жəдыруеит, аибабарақəа бжьан аха, Ҭырқəтəыла дгьыл дууп, анаиааира ажəытə еиҳа иуадаҩын. Уажəы ҳаззааиз аамҭазы аибабарагьы аиҭанаиааирагьы еиҳа имариахеит, даара иманшəалахеит. Ҭырқəтəыла иқəынхо Ашəаа рызегьы, иаҳгозар аҧсуаа рызегьы еибадыруеит ҳҳəар уи иашам. Ари аҳəынҭқарра ду иалаӡызгьы ыҟагəышьоуп.  Аҧсны ахақəиҭра анаиоу, аҧсуа-қырҭуатə еибашьра анеилга анаҩс, еиҳа еиҕьны аҽеидкылара ҳалагеит, ибзианы имҩаҧысуеит ҳҳəарц ҳалшоит. Аижəлантəқəа реиқəшəара, реимадара иахылҵуеит акзаара.

- Еизарацыҧхьаӡа ишəзымдыруа шəашьцəа, шəыжəлантəқəа аднаҧхьалоума?

- Ааи, жəаҳəарада. Сынтəа аизара ахьымҩаҧаҳгаз Караҧнар ҳəа иҟоу ақыҭаҿы инеиз саргьы сналакны цқьа иҳаздырӡомызт Ашəаа шынхоз. Ақыҭаҿы инхо рахьтə  хҧа-ҧшьба ҭӡы Ашəаа ыҟоуп, жəытə ҧсыуа қыҭоуп. Ҭырқəтəыла идуу ақыҭақəагьы ҳамоуп аха, еиҳарак атəымуаа рыла еилало иахьалагақəаз  ыҟоуп, убри азы ари ақыҭаҿы аҧсуаа нхоит ҳəа сыҟамызт. Ҟабарда ҷкəынак сиқəшəеит уи ақыҭа еиуаз, аҧсшəа акəзаргьы маҷк идыруеит, дцəажəоит. Уи сгəы ҟанаҵеит. Даара ибзианы имҩасит  ҳаизара, абасала аҽеидкылара амҩа ҳануп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: