Аҵарауаҩ игәаанагарала, аҵыхәтәантәи аамҭазы аԥсабараҟны аҭыԥ змоу аиҭакрақәа, аҿиарақәа џьашьахәуп.
"Аҵарауааи ҳареи ҳаимадарақәа рыла исҳәар алшоит инҭкааны арҭ аиҭакрақәа иҟоу ӡбаӡам, изыхҟьогьы шьақәыргыланы иҳамаӡам. Адунеи аҟны аҳауатә ҭагылазаашьа ҳтәыла ишаныԥшуа аҭҵаара иазкын аурыс ҵарауааи ҳареи ҳекспедициа, иахьа ашьхантәи ҳалбааит. Адгьылҭҵаара аганахьала Аԥсны аҭагылазаашьа иабзоураны иаҳа иманшәалоуп агәаҭарақәа рымҩаԥгара.
Уаанӡа ҳгәы иаанагон аамҭа хәыҷык еиҭасит ҳәа, уи иаанаго ҭагалан иаҳа инаскьо, ԥхынҷкәын, ажьырныҳәа рҟынӡа асы млеиуа, иаҳа иԥхарраны иҟалоит ҳәа акәын. Аха сынтәа даҽа ҷыдарак ҟалеит, ашьха ҳахьыҟаз зегьы иазгәаҳҭеит аӡынра заа иаауама уҳәо уахынла ишыхьҭаз.
Нанҳәамза Аԥсны зегь раасҭа иԥхарроу ҳәа ишьақәыргылоуп, аха ус иҟамлеит. Раԥхьаӡа акәны игәаҳҭеит уажәааны аԥсаатәқәа шьҭахьҟа имҩасуа ишалагаз. Иара агаҿа иахьаԥнугьы ажәҵарақәа хыҵны ицахьеит.
Аҵарауаа иахьа ҩбаны рҽыршеит: џьоукы адгьыл иаҳа аԥхарра аҵалоит ҳәа рыԥхьаӡоит, егьырҭ аҵааршә ҳԥеиԥшуп ҳәа. Адунеи аҟны иахьа аҩбатәи агәаанагара иаҳа аҭыԥ ылнахуа иалагеит. Аҳауа уаанӡа иҭышәынтәалан, иахьа аԥсабара аҿиара даара ишьақәҟьеит", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.