Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы

Аҟәатәи аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада аиҳабы Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит иааиуа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рышҽырзыҟарҵо.
Sputnik
Џьопуа еиҭеиҳәеит алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы

Нанҳәа 25 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа. Атәыла ахадарахьы иқәгылоуп жәаҩык акандидатцәа.

"Аҟәатәи аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны 5 нызқьи 800 –ҩык алхыҩцәа ыҟоуп. Ԥыхьеи сынтәеи ахыԥхьаӡара ҳахәаԥшуазар усҟан еиҳан, изыхҟьо ҳәа ҳгәы излаанаго атәылауашәҟәы ҿыц змауц асиаҟны иарбам. Ари аҵыхәтәантәи асиа акәӡам, аԥхьатәи ауп, алхратә комиссиа хада аҟны иахьа иҳарҭеит. Арҭ асиақәа иахьарнахыс аус рыдулара ҳалагеит. Асиаҟны ианӡам атәылауаҩшәҟәы ҿыц змауц. Уи азы иахьа, уаҵәы изауқәо ауаа, рнапаҟны ианроулак алхырҭатә ҭыԥқәа ркомиссаиқәа рахь иҳадҵаалар ауеит", - иҳәеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: