Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

© Sputnik / Томас Тхайцукалхрақәа
алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны алхрақәа рҽазыҟаҵара, алхраԥхьатә агитациа, иалухыр ҟалоу, иҿыцу аԥсахрақәа ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 26 2019 шықәса рзы.

Рашәара 26 рзы Ацентртә алхратә комиссиа акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи ашәҟәқәа рыдкылара иалагоит. Ашәҟәқәа рыдкылара хыркәшахоит абжьыҭира арыцхә 40 мшы шагу, ԥхынгәы 17 рзы. Ашәҟәқәа ААК ианаднакыла ашьҭахь жәамш урҭ ҭнаҵаауеит. Акандидатцәа рҭаҩра ԥхынгәы 26 иахымгакәа имҩаԥгатәуп.

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Аконституциа азакәан аԥсахрақәа

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иҳәеит зегь рыла ишыхиоу ашәҟәқәа рыдкыларазы.

Ҭырқәтәыла абжьыҭира акәзар, уахьынтә макьаназ дырра ыҟам абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа раартразы.

"Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа адыррала Нхыҵ Кавказ иаартхоит бжьыҭирҭатә ҭыԥк. Ҭырқәтәылантәи макьаназ дырра ыҟам абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа раартразы", - иҳәоит Гогьиа.

Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ. Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.

Ахада далырхуеит ҿҳәарас ҳәа хәышықәса иҭаны. Убри аан ҩынтә инеиҳаны инеиԥынкыланы иалхра ҟалом. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Акандидат иҭаҩраз мап кхар ҟалоит:

· аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инымхара.

· аҳәынҭқарратә бызшәа азымдарра.

· ихашәалақәа рҵаҵӷәы азымдырра.

· аматериалқәа (анапаҵаҩрақәа) разымхара.

Асҭан Агрба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Агрба: алхрақәа атуризм иаԥырхагаӡам, азакәан уацныҟәар

Апарламент аилатәараҿы, мшаԥы 4 рзы адепутатцәа абжьыҭира азакәан аԥсахрақәа аларгалеит. Абжьыҭираан анацәкьыс адырга аҭара аԥыххоит,абиуллитень аҟны акандидатцәа рыҵәаӷәара аԥыххоит. Уажәшьҭарнахыс убжьы зуҭо ижәла аҿаԥхьа адырга ҟауҵоит.

Атәылауаа реиҳараҩык "зегьы рҿагылара" азгәарҭар, аиҭалхра мҩаԥгахоит.

Адепутатцәа иара убасгьы ирыӡбеит анацәкьыс адырга аҭара иашам ҳәа. Уи ацынхәрас зыбжьы зҭиз ахаҿқәа ртәылауҩшәҟәқәа рҿы адырга-мҳәыр ҟарҵалоит.

Иара убасгьы апарламент адепутатцәа мап ацәыркит аҳәаанырцә атәылауааи аиҿкаарақәеи кандидатк идгыланы агитациа аҟаҵара.

Абжьыҭираҿ иалагалоу аԥсахрақәа:

· анацәкьыс адырга аҭара.

· акандидатцәа рыҵәаӷәара аԥыххоит. Уажәшьҭарнахыс убжьы зуҭо ижәла аҿаԥхьа адырга ҟауҵоит.

· агәраргага ҿых ала абжьыҭира.

· атәылауҩшәҟәқәа рҿы адырга-мҳәыр аргылара.

Алхрақәа раан абжьыҭира азин рымоуп 18 шықәса зхыҵхьо Аԥсны атәылауаҩ.

Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гогиа: абжьыҭиразы азин анҳамоу ажәлар ишырзыманшәалоу иҟазар ауп

Абжьыҭираан Аԥсны ушатәылауаҩҩу шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы уцзароуп.

Ииааиз ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% бжьык ацны изауз акандидат.

Аҩбатәи атур аҭахханы иҟалар имҩаԥгахоит ҩымчыбжь рышьҭахь.

Аҩбатәи атур аан инеиз алхыҩцәа бжьеиҳала иалырхыз акандидат аԥыжәара игоит.

Аҩбатәи атур иалахәхароуп 25 процент атәылауаа, алхыҩцәа рсиа иану.

Аҩбатәи атур аҟны ацәгьы далхымхар, имҩаԥгахоит аиҭалхрақәа.

Азакәан инақәыршәаны агитациатә аамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп акандидат данҭарыҩ инаркны абжьыҭира амш аҟынӡа.

Акандидатцәа ателехәаԥшраҿы еиҟараны аефиртә аамҭа рыҭахоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0