Арадио

Гериа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы Аԥсны ахада иалхрақәа шеиҿкаау

Гәдоуҭа араион аҿы иааигәахо Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа иахьынӡазыхиоу атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны алхратә комиссиа ахаҭарнак Роман Гериа.
Sputnik
Гериа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы Аԥсны ахада иалхрақәа шеиҿкаау

"Гәдоуҭа араион аҿы еиҿкаауп алхырҭатә ҭыԥ хадақәа быжьба. Амаругақәа рыла аибыҭара иахьагьы иаҿуп. Акомиссиа иалоу рхы рдыруеит. Нанҳәа 15 рзы икыдырҵоит алхыҩцәа рсиақәа, аха дара рҽырыԥсахлоит, аӡә дацлоит шьоукы агхоит. Атәылауаҩшәҟәы зманы иҭаҩым ауааԥсыра, ацентртә алхратә комиссиаҿы днеины ирҭоит асиа алхырҭатә ҭыԥқәа ахьыҟоу иара изыманшәалоу алхны ирҭоит ақьаад ибжьы аҭаразы азин шимоу", - ҳәа азгәеиҭеит Гериа.    

Аԥсны алхратә комиссиа ахаҭарнак иажәақәа рыла Гәдоуҭа араион аҿы 20 нызықьҩык ауааԥсыра алхрақәа рхы рыладырхәыртә еиԥш алшара рымоуп. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: