Арадио

Воуԥҳа: ахәыҷы иарманапы ихы иаирхәо Анцәа дишазар, уи аԥсахра сақәшаҳаҭым

Нанҳәа 13 рзы есышықәса адунеи аҿы иазгәарҭоит иарымоу рымш. Апсихолог Илона Воуԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит арманапы ахархәара гроу, мамзаргьы ҷыдароу.
Sputnik
Воуԥҳа: ахәыҷы иарманапы ихы иаирхәо Анцәа дишазар, уи аԥсахра сақәшаҳаҭым

"Арманапы ахархәара грак аҳасабала иахәаԥшуан ажәытәан, ахәыҷы иакәзар, арӷьахь дыиаргарц иалагон, ус иԥсҭазаара иаҳа имариахоит ҳәа ирԥхьаӡон. Ҳаамҭазы ирацәоуп амыругақәа арма зхы иазырхәо ауаа рзы, аха иазгәаҭатәуп аиԥшымзаарақәа шыҟоу арма напы зхы иазырхәои арӷьа напы зхы иазырхәои ахәыҷқәа рыбжьара. Арма зхы иазырхәо аихьӡарақәа аадырԥшуеит аҟазараҿы, абаҩхатәра злоу ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара аӡәы диламҩашьо ихатәы ҷыдара имоуп. Ԥсабарала иаҳа иҵаулоуп, рцәаныррақәа иаҳа иаадырԥшуеит. Дара рыбжьара агени ҳәа ззырҳәо ауаа иаҳа ирацәоуп. Сара специалистк иаҳасабала абжьгарас иҟасҵар сылшоит - ахәыҷы ааманапы ихы иаирхәо Анцәа дишазар, уи аԥсахра сақәшаҳаҭым", - ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.