Аԥснытәи ашьапылампыласыҩ Урыстәыла еизго ақәыԥшцәа ркоманда далалоит

Аинар Ешба 2017 шықәса раахыс мадридтәи ашьапылампылтә клуб Alcobendas-Levitt аҿы дыхәмаруеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи ашьапылампыласыҩ Аинар Ешба Урыстәыла еизго ақәыԥшцәа ркоманда далалоит. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит аспортсмен иагент Ҭемур Хынҭәба.

Аинар Ешба 2017 шықәса раахыс мадридтәи ашьапылампылтә академиа Intersoccer Madrid иаҵанакуа ашьапылампылтә клуб Alcobendas-Levitt аҿы дыхәмаруеит.

Аԥснытәи ашьапылампыласыҩ Урыстәыла еизго ақәыԥшцәа ркоманда далалоит

Агент иажәақәа рыла Аинар интерес икит азыҟаҵаҩ Станислав Каратаев.

"Даара ихы аус адиулоит. Илшарақәа убартә иҟоуп. Амилаҭтә команда алашәара, ари гәыхәтәыхьӡароуп. Арахь иаанаго иреиӷьӡақәоу роуп. Аинар иқәҿиара зегьы еицаҳзеиԥшу гәахәароуп", - иҳәоит Хынҭәба.

16-шықәса зхыҵуа ахьчаҩбжа Аинар Ешба ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" аҿы икариера хациркит. 2013 - 2017 шықәсқәа рзы Барселонатәи акомандақәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигон.

2017 шықәса рзы днарыԥхьеит мадридтәи аклуб Alcobendas-Levitt ахь. 2016 шықәса раахыс Испаниа División De Honor (Ахьтәы Лига – ред.) аҿы дыхәмаруеит.