Урыстәылатәи НКО Аԥснытәи алхрақәа харантә ирхылаԥшлоит

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәхараны иҟоуп 117 –ҩык алхыҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Алхратә зинқәа рыхьчаразы Урыстәылатәи НКО рассоциациа "Гражданский контроль" харантәла Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа хылаԥшра арҭалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ассоциациа ацхантәаҩ, СПЧ алахәыла Александр Брод иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Ааи, дистанциа ҳасабла", - иҳәеит Брод, "Гражданский контроль" Аԥснытәи алхрақәа хылаԥшра рнаҭоума ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25 рзы. Акандидатцәа 10-ҩык ыҟоуп.

Абжьыҭирақәа реихшьаала хымш рыҩныҵҟа ирылаҳәахоит. Ареспублика аҵакыраҿы иаадыртуеит 152 алхырҭатә ҭыԥ.