АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирыдиныҳәалеит Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз имш.
"Ҭоурыхла ҳаиашьаратә жәларқәа рлахьынҵа убасеиԥш ишьақәгылеит, ашәарҭараан аӡәи-аӡәи ҳаибахьчо, иарбан уадаҩразаалак аҿаԥхьа аӡыкны ҳаицгыло, ҳдоуҳатә акзаара акәылӡеиԥш ҳахьчо. Ашьеи кавказтәи адоуҳаи рҿыҭыбжьы ажәытәтәи аамҭақәа раан еиԥш аус ауит 1992 шықәса рзы, аԥсуа дгьыл арыцҳара ианҭагыла. Ахақәиҭра зегьы ирылызкаауаз, иазгәышьуаз, Аԥсны иадгыланы ақырҭуа фашизм иаҿагыланы иқәгылеит Нхыҵ Кавказ ажәларқәа, аҳәаанырцәтәи адиаспора рхаҭарнакцәа, Алада Урыстәыла аказақцәа, Приднестровиатәи-Молдавиатәи ареспублика аибашьцәа. Рыжәҩахыр ҳадырҵеит Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесск, Чечниа, Ингушетиа, Даӷьсҭан, Нхыҵи Аахыҵи Уаԥстәыла руааԥсыра", - иҳәеит Ҳаџьымба, Гәдоуҭа ақалақь аҿы иқәгылараан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, аԥсуаа моралла адгылара аиуит Урыстәыла аинтеллигенциеи апрогрессивтә уаажәларреи рҟынтәи.
"Шәара ҳара ҳахь амҩа шәықәын ашьха мҩахәасҭақәа шәырныланы, акаҵәарақәа шәырхыҵны шәаҳзаауан. Шәаауан адунеи зегьы иашәырҳарц ақырҭуа агрессиа "МАП" ҳәа шазышәҳәоз", - иҳәоит ахада, хатәгәаԥхарала еибашьуаз иахь ихы рханы.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгареи ажәлари ԥхьаҟагьы рыҽшазыршәало аибашьра аветеранцәа реимадарақәа рырӷәӷәара.
"Аԥсны адгыларазы хатәгәаԥхаралатәи аиҿкаарақәа рыхьӡ наунагӡа Аԥсны аҭоурых хьтәы нбанла ианылоит. Ҳара иаҳуалԥшьоуп ҳзеиԥш иааира зегь раԥхьа аргылара. Ҳара еиҵагыло абиԥарақәа идҳарбароуп ҳзеиԥш ҭоурых, ҳаҳаҭыреиқәҵара, ҳҵас-ҳқьабз ахӡыӡаара шаҭаху", - иҳәеит иара.
1992-1993 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа хатәгәаԥхарала иеибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп. Леон иорден ранашьоуп 247-ҩык. "Агәымшәараз" амедал ранашьоуп 623-ҩык. Аибашьраан ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260 –ҩык.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Абри адгьыл аҿы ашьа камшразы
Сима Шхагошева: сыҷкәын сара сзы дышқәыԥшыз даанхеит
Аиааира хацеиҩызшаз: хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәарақәа