Аахыҵ Уаԥстәылантәи акадетцәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит

Аахыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа жәамш ҳәа ԥсшьара иааит аҵараҟны алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз, ареспубликатә олимпиадақәа рҟны аиааира згаз ахәыҷқәа еиҭымцәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Акадеттә школ аҵаҩцәа ареспублика ирнаҭаз афинанстә цхыраарала Аԥсныҟа жәамш ҳәа ԥсшьара иааит. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия арратә пресс-маҵзуҩы Инга Чехоева лажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аахыҵ Уаԥстәылантәи акадетцәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит

Аахыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара иааит аҵараҟны алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз, ареспубликатә олимпиадақәа рҟны аиааира згаз ахәыҷқәа еиҭымцәа.

"Акурсантцәа рзы еиҿкаахоит аныҟәарақәа. Асасцәа рҭаараны иҟоуп: Аботаникатә баҳча, Амҳаџьырцәа рбаҟа, Афонтәи аҳаԥы, аӡиа Риҵа", - лҳәоит Чехоева.

Акурсантцәа мҩаԥылгоит Акадеттә школ ааӡаратә усуразы аҟәша аиҳабы Неиа Цховребова, ахәыҷқәа ирхылаԥшуа амедицинатә усзуҩы.

Ахәыҷқәа рыԥсшьара еиҿкаауп Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра аԥаразоужьрала.

Аахыҵ Уаԥстәылантәи акадетцәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит