Аминистрцәа реилазаараҿы араса алгаразы абаџь аԥырхит

Аминистрцәа реилазаараҟны иазгәарҭеит араса аиҳарак иаазрыхуа ахатә хаҿқәа роуп, иахьаадрыхуагьы ахатәы нхамҩақәа рҿоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҟны араса алгаратә баџь аԥырхит. Абри азы ақәҵаар инапы аҵеиҩит Аԥыза-министр Валери Бганба ҳәа аҳәоит аминистрра асаит.

Кәарҷиа араса аҽаҩразы: аџьабаа адызбалаз алҵшәа инаҭароуп

"Ақәҵарала атәыла аиҳабыра аекспорт баџьқәа аԥырхуеит "ацәа змоу арасеи" "ицәырҳәу арасеи" рзы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аминистрра аилазаараҿы иазгәарҭеит 2019 шықәса рзы Аԥсны арасатә плантациақәа рыхәышәтәразы ақыҭанхамҩа аминистрра имҩаԥнагаз ауснагӡатәқәа алҵшәа аарышьҭит ҳәа. Заанаҵтәи адыррақәа рыла сынтәа 70% рҟынӡа аҽаҩра еиқәырхахеит.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит араса аиҳарак иаазрыхуа ахатә хаҿқәа роуп, иахьаадрыхуагьы ахатәы нхамҩақәа рҿоуп ҳәа.

2018 шықәса ԥхынгәы 26 рзы Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала ацәа зхоу араса абаџь иартәон 5 мааҭк, ицәырҳәу араса абаџь иартәон 10 мааҭк.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: