"Аҭоурыхтә факультет аҿы аҵара санҭаз еиуеиԥшым аҭҵаарақәа ҳаман. Стема абаақәа ирызкын, еиҳарак сара аинтерес сыман Аԥсуа Баагәара ду аҭҵааразы. Аспирантура санҭалоз ҭҵаарадырратә напхгаҩыс дсырҭеит Олег Бӷажәба, иаргьы исыдигалеит Аԥсуа Баагәара атема. Аҭҵаарақәа рҿы сара игәасҭеит аҩыратә ҭоурыхтә хыҵхырҭақәа шмаҷу атәы. Аҩыратә хыҵхырҭақәа анмаҷу ухы иаурхәароуп археологиатә. Уи азы археологиа нап асыркит. Еиуеиԥшым абаҟақәа иаҳа-иаҳа иҭуҵаацыԥхьаӡа, иуоуа аматериалқәа ақәра иаҳа иааигәаны иуанаҳәоит, археологиатә материал цәажәоит, аҩыратә хыҵхырҭақәа реиԥш", - ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.
Аҩыратә хыҵхырҭақәа иҿыцу аинформациа ҳанаҭаӡом, археологиатә материал еснагь иҿыцу ак уанаҳәоит, иара убриалагьы аԥсуа аҭоурых арбеиоит, убри ауп бзиа ибаны сзалагаз археологиа ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан аиҿцәажәараҿы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп
Ҟаитан еиҭеиҳәеит Аԥсуа баагәара ду абаашқәа ирыхьчоз, хықәкыс ирымаз