Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны абылра ҟалеит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза ҩба рзы.
"Аҵарашықәс ҿыц ианалаго Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ахәыҷқәа рзы ашә аанартӡом, избанзар аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵатәуп. Амца андырцәоз аӡы аҭыӡқәа ирылалеит, ишахәҭоу еиԥш макьана имбаӡацт. Аҩнуҵаҟатәи аусурақәа иҟоуп иахьымҩаԥыргахьоу, аха ацәаакыра иахҟьаны иахьымҩаԥырымгазгьы ыҟоуп. Уи иахҟьаны раԥхьа иазгәаҭаз арыцхә инахар акәхеит. Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабы Игор Амқәаб иҳаиҭаз адыррала цәыббра анҵәамҭазы ҩ-корпуск рҟны ахәыҷқәа аҵара рҵартә еиԥш алшара ҟалоит. Зынӡа хыхәҭакны ишоит ашкол. Ахԥатәи анхыркәшахо рымҳәеит, аха аусурақәа мҩаԥысуеит. Уаҟа аҭӡамцқәа рыдагьы адашьма ақәхра аҭаххеит. Ари ашкол иҭоу ҵыԥхтәи аҵарашықәс анҵәамҭазы аҵара ахьырҵоз ирҵалоит аргыларатә усурақәа хыркәшахаанӡа", - иҳәеит Аҩӡба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Иблыз аҟәатәи ашкол еиҭашьақәдыргылоит ахада ирезервтә фонд ала
Адлеиԥҳа: Аҟәа иблыз аҩбатәи ашкол аҿы актәи акласс ахь ахәыҷқәа рыдыркылоит