Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҩбатәи ашкол цәыббрамзазы аҵаҩцәа аднакыло иаднамкыло

© Sputnik / Томас Тхайцукажурналист Бадраҟ Аҩӡба
ажурналист Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҵарашықәс ҿыц аналаго ахәыҷқәа рзы ашәқәа аанартуа мамзаргьы аҵаҩцәа аднамкыло атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ажурналист Бадраҟ Аҩӡба.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҩбатәи ашкол цәыббрамзазы аҵаҩцәа аднакыло иаднамкыло

Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны абылра ҟалеит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза ҩба рзы.

"Аҵарашықәс ҿыц ианалаго Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ахәыҷқәа рзы ашә аанартӡом, избанзар аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵатәуп. Амца андырцәоз аӡы аҭыӡқәа ирылалеит, ишахәҭоу еиԥш макьана имбаӡацт. Аҩнуҵаҟатәи аусурақәа иҟоуп иахьымҩаԥыргахьоу, аха ацәаакыра иахҟьаны иахьымҩаԥырымгазгьы ыҟоуп. Уи иахҟьаны раԥхьа иазгәаҭаз арыцхә инахар акәхеит. Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабы Игор Амқәаб иҳаиҭаз адыррала цәыббра анҵәамҭазы ҩ-корпуск рҟны ахәыҷқәа аҵара рҵартә еиԥш алшара ҟалоит. Зынӡа хыхәҭакны ишоит ашкол. Ахԥатәи анхыркәшахо рымҳәеит, аха аусурақәа мҩаԥысуеит. Уаҟа аҭӡамцқәа рыдагьы адашьма ақәхра аҭаххеит. Ари ашкол иҭоу ҵыԥхтәи аҵарашықәс анҵәамҭазы аҵара ахьырҵоз ирҵалоит аргыларатә усурақәа хыркәшахаанӡа", - иҳәеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0