Аԥснытәи атаибоксиорцәа Краснодартәи атәылаҿацә Ахраҿаҟны аиааира ргеит

Таитәи абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә Ахраҿа мҩаԥысит Краснодар ақалақь нанҳәа 17-18 рзы. Уи иалахәын 200 спортсмен инарзынаԥшуа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи атаибоксиорцәа Краснодартә атәылаҿацә Ахраҿаҟны аиааира ргеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Таитәи абокс Аԥснытәи афедерациа аиҳабы Ҭемраз Гьергьедаа.

Аԥснытәи атаибоксиорцәа араӡны медалқәа ҩбеи аџьаз медали ргеит

"Аԥснытәи иеизгоу акомандаҟынтәи хҩык згеит. Давид Амҷба афиналтә хәмарра заанаҵ нокаутла ихиркәшеит. Асҭамыр Лакашьиагьы актәи аҭыԥ игеит. Леон Амҷба афинал аҟны Урыстәыла ачемпион диҵахеит аочкоқәа рыла, иагьааникылеит аҩбатәи аҭыԥ", - иҳәеит Гьергьедаа.

Ари урыстәыла Ахраҿахь анеиразы аилыхратә турнир акәын. Уи мҩаԥысраны иҟоуп Краснодар ақалақь аҿы цәыббрамзазы. Убри аамҭазы Кавказ Ахраҿагьы мҩаԥысраны иҟоуп.

Таитәи абокс Афедерациа аиҳабы излеиҳәаз ала, 12-13 шықәса зхыҵуа арԥарцәа Кавказ Ахраҿаҟны иқәгылар ҟалоит аилыхратә етапқәа ирхымскәа. Аԥсны ахьӡала иқәгылараны иҟоуп хәҩык аспортсменцәа ҿарацәа.

"Кавказ Ахраҿахь официалла Аԥсны ахьӡала ҳнеип ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Хәҩык ҳгар ҳҭахуп. Урыстәыла Ахраҿа атәы макьана иаҳмыӡбаӡацт. Асҭамыр Лакашьиа дызгаӡом, уи ас еиԥш иҟоу атурнир азы макьана иԥышәа азхом. Шьаҿа-шьаҿала атурнир ду аҟынӡа дназгоит", - еиҭеиҳәоит Гьергьедаа.

Иара убас иара иҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә зегь аҟынтәи ҩышәҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа шалахәыз.

Аԥснытәи атаибоксиорцәа Краснодартәи атәылаҿацә Ахраҿаҟны аиааира ргеит