Арепатриациа

Аҟəысба: ҳҳəынҭкарра аполитикатə ԥсҭазаара иазеиӷьхо аусқəа ҟаларц ҳҭахуп

Аԥсуа Федерациа имҩаԥнагаз аизара аҿы иззаҭгылаз азҵаарақəа дрылацəажəоит уи анапхгаҩы Аҭанур Аҟəысба.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа фымз рахьтə знык аизара ду мҩаҧнагоит. Уи иалахəуп Аԥсуа хеидкылақəа реиҳабацəа, Афедерациа анапхгара, аҩныҵҟа иаҧҵоу абыргцəа реилазаара аиҳабацəа. Убас еиҧш иҟаз аиҧылара мҩаҧысит нанҳəамза 18 рзы, Сақариа иаҵанакуа Балбала-Калдахəара ҳəа заҳҳəо аҧсуа кыҭаҿы. Аизара ахықəки, уаҟа излацəажəоз азҵаарақəеи дырзааҭгылоит Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

Аҟəысба: ҳҳəынҭкарра аполитикатə ԥсҭазаара иазеиӷьхо аусқəа ҟаларц ҳҭахуп

"Ҳдиаспора аҩныҵҟа ицəырҵуа азҵаарақəа ҳрылацəажəеит, Ҭырқəтəыла иқəынхо ҳауаажəлари Аҧсныи реимадара аус ҳазааҭгылеит. Иара убас, ҳхеидкылақəа рҿы фымз иалагӡаны имҩаҧысыз аусқəа рылҵшəа ҳацклаҧшит, иахьҳəаақəҵатəыз азгəаҳҭеит, ҿыц иаҧаҳҵаз ахеидкылақəа реиҳабацəа алахəын. Анаҩс, ҳазлацəаажəаз, иҳаӡбааз азҵаарақəа рзы адырра раҳҭоит зегьы", - ҳəа азгəеиҭеит Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

Аҭанур Аҟəысба излаиҳəо ала, ирҭахуп алхрақəа ҭынчмҩала имҩасырц.

"Ҳҳəынҭқарра ҳауаажəлар ирылҵыз ҳашьцəа роуп зегьы, убас еиҧш ҳазнеиуеит ҳара. Ҳҳəынҭқарра аполитикатə ҧсҭазаара иазеиҕьхо аусқəа ҟаларц ҳҭахуп, уи ауп ҳаззыҳəо. Ҭырқəтəылатəи аҳəынҭқарра изыхӡыӡаауа рполитикагьы азгəаҭаны, нас ҳара ҳҳəынҭқарра аполитикагьы азгəаҭаны алхрақəа арагьы имҩаҧаҳгараны ҳаҟоуп. Ҳажəлар жəлар ҟəышуп, ҭоурыхла изықəшəахьоу амыҟəмабарақəа рхы аҵамырхакəа иааиуеит, аринахысгьы агəра ҳгоит Аҧсны ҧхьаҟа ишцо", - иҳəеит Аҟəысба.

Аԥсуа Федерациа ахантəаҩрала аизара ахьымҩаҧысыз Калдахəара, аҧсуаа рацəаҩны иахьынхо аԥсыуа қыҭоуп, уи иамоуп иара ахатə ҭоурых. Уаҟа инхо аԥсуаа адгьыл иқəаарыхуеит, арахə-ашəахə рзануп, аԥсыуак ишиаҭəоу еиҧш рхы ныҟəыргоит.

Дбар: ас еиԥш инарҭбааны адиаспора апроблемақәа ҳармылацәажәацызт

"Калдахəара ақыҭа - Сақариа иаҵанакуа аԥсыуа қыҭоуп. Даара иҧшӡоу, иҭбаау қыҭоуп, аҧсуа жəлар еиҳаараҩык ахьынхо ҭыҧуп. Ҩқыҭак ирзеиҧшны иҟоуп, Аладатəи Калдахəареи, Ҭаҳирбеи-Бедыли ҳəа ззырҳəои. Ақыҭанхамҩа аус адызуло, бзиа избо ҳашьцəа рқыҭоуп, уахьынаҧшааҧшлак зегьы аԥсуа цəа рыҟəнуп, аԥсуарагьы ҳаракны иныҟəыргоит", - ҳəа азгəеиҭоит Аҭанур Аҟəысба.

Ҭырқəтəыла аԥсуаа злахəны имҩаԥысуа аизарақəа зегьы ирымоу хықəкык ауп-ҳауаажəлар реидкылара, рҭоурыхтə ҧсадгьыл азхьарԥшра. Ибзианы еилыркаауеит атəым дгьыл аҿы рмилаҭтə хдырра ахьчара анзыҟамла, аԥсыӡ аӡы зҵабаз ишаҩызахо.

"Аԥсуаа атəым дгьыл иԥсаҟьааны иалаҧсо реидкылара, адернеқьқəа рышьақəыргылара, амилаҭтə хдырра рыҭаразы азҵаарақəа аус рыдулара, рџьынџьтəылатə ахь анеира ацхраара, аҭагылазаашьа аҧҵара, иара убас изызҿлымҳау азҵаарақəа рҭыҧ ақəҵара, иҳагу иаҳцəыӡыз аҧшаара, зегьы напык аҵаҟа аҽеизгара, абарҭқəа ирызкуп аизараҿы ҳазлацəажəоз азҵаарақəа, урҭ зегь реиҳа ихадароуп ҳəа ҳазхəаҧшуа ауп", - иҳəеит Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

Абас еиҧш, Аҧсуа Федерациа есфымз рахьтə знык имҩаҧырго аизара алҵшəа бзиа амоуп, ирыгу-ирыбзоу еибырҳəоит, иӡбатəу азҵаарақəа рыхшыҩ еилаҵаны иазааҭгылоит, еицырыӡбоит.

Аҭанур Аҟəысба излаиҳəаз ала, хымз рнаҩс Аԥсуа Федерациа анапхгаҩ ҿыц иалхразы аизара мҩаԥысраны иҟоуп. Иазгəаҭатəуп, Аԥсуа Федерациа анапхгаҩ ҿыц иалхра шымҩаԥысуа есҩышықəса знык, убри аан знык анапхгараҿы иҟалахьоу аҩынтəраан далырхыртə еиҧш алшара ыҟоуп, аԥҟаԥҵəаҿы убас иануп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ашәба: арепатриациа амал рацәаны иадҵахар, алҵшәа ҟамларц залшом
  • Аҭанур Аҟəысба: ҳаԥсадгьыл иахәаша апрограммақәа системак иазааҳгоит