"Ԥсоу-Егры" амҩаду Чагрыԥшь иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы еиҭашьақәдыргылоит

Ақәыршыҩқәа ирыхҟьаны Гагра араион Чагрыԥшь ақыҭа иахьаҵанакуа аҳәынҭқарратә мҩаду ахәҭа азганк ҿыбгеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. "Ԥсоу-Егры" амҩаду Чагрыԥшь иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы ақәыршыҩқәа ирыхҟьаны азганк ҿыбгеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иақәнагоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит.

"Ас еиԥш амҩа ахәҭак аԥхасҭа ахьаиуз амҩаду зегьы иаԥырхагахар ҟалоит. Иаарласны аиҭашьақәыргыларатә усқәа ҳрылагароуп, ари амҩаду атранспорттә системаҟны ихадоу ак акәны ишыҟоу ҳасаб азуны. Уахыки-ҽнаки рыла ара имҩасуеит хыԥхьаӡара рацәала амашьынақәа", – иҳәеит Бганба.

АУН "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада Борис Ачба излазгәеиҭаз ала, арҭ аусурақәа агеологцәагьы адԥхьалатәуп.

Акапиталтә ргылара аусбарҭа аусзуҩцәеи "Аԥсныавтомҩа" аҟазауааи адҵа рыҭоуп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыпроект-харџьынҵатә документациа еиқәдыршәаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ҷыҭанаа: амҩаду аҿықәқәа рҿы аҭыԥантәи аҵлақәа еиҭаҳахоит
  • Ԥсоу-Аҟәа амҩаду аҟны аҵаргәа-ҭыӡқәа жәба ргылахоит