АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аинвесторцәа рхарџь мацаралоуп излеиҭашьақәыргылахо, аҳәынҭқарра алахәра аӡбахә ыҟаӡамызт, абри атәы иҳәеит аинвестициатә проект "В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аеропорт "Аҟәа" анапхгаҩы Егор Соломатин Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны имҩаԥысыз аԥсуа-аурыс еиԥылара ашьҭахь.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит акомпаниа "Аирон", иҳәеит Соломатин.
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аартреи азҵаара изныкымкәа ишышьҭырххьоу.
"Анцәа имч ала, уажәшьҭа ари азҵаара аӡбаразы аԥхьатәи ашьаҿақәа ҳрылагеит. Агәыӷра ду ҳамоуп, Аԥсны аҳаирбаӷәаза шаартхо. Ҳара аинвестор ҳицхраартә алшарақәа ҳамаӡам, хаҭалатәи аинвестициақәа роуп иазԥхьагәаҭоу", - иҳәеит Бганба.
Аԥыза-министр зегьы иргәалаиршәеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны аҳаирбаӷәаза аицхархәаразы аӡбамҭа шрыдыркылаз.
"Аҳаирбаӷәаза рхы иадырхәар ҟалоит авиациа егьырҭ ахкқәагьы - Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра уҳәа иртәу. Уи аиҳабыра аӡбамҭоуп", - инаҵшьны иҳәеит Валери Бганба.
Авиациатә ҟазауаа роушьҭраҟны аԥышәа змоу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәазазы аҟазауаа аҵара дырҵара иазыхиоуп, абри атәы ааицҳауеит Аҳаиртә транспорт азы афедералтә агентра "Росавиация" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Олег Сторчевои, иаргьы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара далахәын.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аеродром иаиуит аицгылара астатус, ари аҩыза аӡбамҭа аднакылеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ԥхынгәы 26 рзы. Ас еиԥш астатус иалнаршоит аграждантәи аҳәынҭқарратәи (арратә, аҳәаахьчаратә, аҳазалхратә, аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рынагӡаразы даҽа авиациа хкык - азгә.) авиациақәа аеродром ахархәара.
"Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" анбантә код аҭаразы" Ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭан жәларбжьаратәи ԥшьынбанк рыла ишьақәгылоу акод "URAS", анаҩс уи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳаирнавигациатә информациа аизак (AIP) ахь алагаларазы.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳаирбаӷәаза аԥхасҭа ду аиуит. Уи акәша-мыкәша аминақәа шьҭаҵан. 1993 шықәса рзы иадыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ԥиԥиа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аусура алзыршо апроект азы: иааира дууп
Қырҭтәыла Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә ареисқәа рымҩаԥгара акритика азнауеит