Ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәатәи иштаб иеихсит

Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу иштаб ишеихсыз азы адырра роуит Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь нанҳәа 21, асааҭ 10:30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу иалхратә штаб иеихсит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу иштаб ишеихсыз азы адырра роуит Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь нанҳәа 21, асааҭ 10:30 рзы.

Ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәатәи иштаб иеихсит

"Аусҭҵаара-оперативтә гәыԥ неины еилыркааит нанҳәа 21 асааҭ 01:00 - 09:00 ирыбжьанакыз аамҭазы иеилкаам ахаҿы иеилкаам абџьар ала Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба иалхратә штабс қьырала иргаз акаҳуажәырҭа "Нептун" дшеихсыз", - азгәарҭоит ААР аҿы.

Аоперативтә усҭҵааҩцәа аҭыԥ аҟны ирыԥшааит излахысхьоу аџьазцәақәа быжьбеи ахы ахәҭақәа ԥшьбеи. Урҭ рыхкқәа макьана еилкаам.

Ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәатәи иштаб иеихсит

Мгәыӡырхәа ақыҭа ахадара аиҳабы Беслан Агрба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат иштаб аихсра ахьыҟалаз ақыҭауаа агәҭынчымра шрызцәырнагаз.

"Ҳәара аҭахума, ас еиԥш ахымҩаԥгашьақәа зынӡаскгьы иҟамлароуп. Уи ҽеи алҵӡом. Алхрақәа нҵәоит, урҭ рышьҭахь ҳара зегьы ҳаизаанхоит, ҳаԥсҭазаара шцац ицалоит. Убри атәы азәгьы ихеимыршҭааит", - инаҵшьны иҳәеит Агрба.

Иара агәыӷра имоуп ас еиԥш ахҭысқәа Мгәыӡырхәа адагьы, Аԥсны зегьы ахьынӡанаӡааӡо уаҳа иҟамлап ҳәа.

Мгәыӡырхәа ақыҭа ахадара аиҳабы Беслан Агрба иажәақәа рыла ахысраан аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ахада иалхрақәа раан 700-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҷаԥшьалоит
  • Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәхоит 60-ҩык инарзынаԥшуа анаԥшыҩцәа