АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа рахь иаауеит 60-ҩык инарзынаԥшуа анаԥшыҩцәа, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.
"Анаԥшыҩцәа раҳасабала алхрақәа рылахәразы арзаҳалқәа аларҵахьеит 60-ҩык ауааԥсыра, ари ахыԥхьаӡара уамак аҽеиҭанамкыр ҟалоит. Анаԥшыҩцәа аауеит ДЖәР, ЛЖәР, Приднестровие, Ашьха Ҟарабах, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла рҟынтәи", - лҳәеит лара.
Раԥхьаӡа акәны наԥшыҩцәак раҳасабала ҳтәылахь иаауеит Китаии Германиеи рхаҭарнакцәа. Зегь реиҳа хыԥхьаӡара рацәала иаауеит Урыстәылантәи.
Лабахәуаԥҳа иара убас Аԥсны анҭыҵ иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа ахьынӡахиоу далацәажәеит.
"Азакәан инақәыршәаны, алхрақәа 30 мшы шрыгу аҳәаанырцә иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҭыӡҭыԥ шьақәыргылахоит. Урҭ ныҳәак еиԥш иаартын Черкесск, Москва, Сҭампыл. Аурнақәеи абиуллетенқәеи алхрақәа мышкы шрыгу аҭыԥ ахь инагахоит", - ҳәа азгәалҭеит АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом. Ахада даналырхуа ахада ихаҭыԥуаҩгьы дицалырхуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны АКХ: ахада иалхрақәа рҟны 116 нызқьҩык инареиҳаны рыбжьы арҭар ҟалоит
Гогьиа Аԥсны ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵаразы: аусура еилашуеит