Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы излацәажәоз

Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа хаз игоу акатегориақәа руалафахәы ацҵаразы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара апроект адкылара иалацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы. Аилатәара далахәын Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадрак Аҩӡба.
Sputnik
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы излацәажәоз

"2015 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи Урыстәыла аиҳабыреи рнапы аҵарҩит аиқәшаҳаҭра, уаҟа иазгәаҭоуп Аԥсны абиуџьеҭ усбарҭақәа рҟны – агәабзеирахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә хырхарҭала аус зуа руалафахәы хәҭа-хәҭала есышықәса ацҵара. Аминистрцәа реилаазараҿы Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансухә Нанба еиҭеиҳәеит ари аиқәшаҳаҭра ҵакыс иамоу. Иара излазгәанаҭоу ала ԥхынҷкәын 31, 2022 шықәса рҟынӡа аиқәшаҳаҭра аусура иацҵоуп, насгьы иааиуа 2020 шықәса рзы абарҭ ркатегориақәа руалафахәы ацҵара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аминистрцәа Реилазаара абиуџьет усзуҩцәа ркатегориа хадақәа руалафахәы шьҭнахуеит
  • Ԥхынгәы акы инаркны абиуџьет иатәу аусуцәа рулафахәы иацлоит