Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы излацәажәоз

© Sputnik / Томас ТхайцукБадрак Авидзба
Бадрак Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа хаз игоу акатегориақәа руалафахәы ацҵаразы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара апроект адкылара иалацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы. Аилатәара далахәын Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадрак Аҩӡба.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы излацәжәоз

"2015 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи Урыстәыла аиҳабыреи рнапы аҵарҩит аиқәшаҳаҭра, уаҟа иазгәаҭоуп Аԥсны абиуџьеҭ усбарҭақәа рҟны – агәабзеирахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә хырхарҭала аус зуа руалафахәы хәҭа-хәҭала есышықәса ацҵара. Аминистрцәа реилаазараҿы Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансухә Нанба еиҭеиҳәеит ари аиқәшаҳаҭра ҵакыс иамоу. Иара излазгәанаҭоу ала ԥхынҷкәын 31, 2022 шықәса рҟынӡа аиқәшаҳаҭра аусура иацҵоуп, насгьы иааиуа 2020 шықәса рзы абарҭ ркатегориақәа руалафахәы ацҵара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0