Абылра иақәшәаз Аҟәатәи ашкол №2 аиҭашьақәыргылара хдыркәшоит жьҭаарамзазы

Лаҵара ҩба рзы А.С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аурыс школ №2 амца ацралеит, уи иахҟьаны аргылара ахыб зегьы блит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба излеиҳәаз ала, абылра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа иааиуа амчыбжь азы игәанаҭараны иҟоуп Аҟәатәи ашкол №2 аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа.

Бганба иара убас иазгәеиҭеит ари аобиект афинансыркразы уадаҩра ҳәа акгьы шыҟам.

Иблыз аҟәатәи ашкол еиҭашьақәдыргылоит ахада ирезервтә фонд ала

"Акызаҵәык, атехнологиатә уадаҩрақәа ҳрықәшәеит. Аҭыӡқәа баанӡа, ашьыхреи егьырҭ аҩнуҵҟатәи аусурақәеи рынагӡара ҟалом. Уи азоуп аусурақәа рыҿҳәара жьҭаарамзанӡа изнахатәхаз", - иҳәеит аԥыза-министр.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхылаԥшуеит аиҳабыреи апрофилтә усбарҭақәеи рыдагьы, ашкол арҵаҩратә коллектив, аҭаацәа. Уи адагьы, Бганба излеиҳәаз ала, цәыббра 1 ашколхәыҷқәа рышкол ашҭаҟны Адыррақәа рымш иаԥылоит.

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Фиодор-иԥҳа.

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски 25 аҭыԥҳацәа рзы апансиони змаз агимназиахь иааиргеит. Уи лыхьӡ ахын аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа.

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит. Ашкол аамҭала ииаган Маҷавариани, 15 аҭыӡҭыԥ аҟны игылаз ахыбрахь.

2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан. Уи аҭаӡара 2008 ԥшьыркца метр артәоит. Аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Абылра иақәшәаз ашкол №2 ахыб аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит
  • Раԥхьатәи акадрқәа: аҩбатәи аҟәатәи ашкол амца акит