Арадио

Ҟаитан Гал иԥшааз аҭоурыхтә ргыларазы: ихьчамзар, иаанханы иҟоу бгар алшоит

Аԥсуа Баагәара аҭҵаара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны археологцәа Гал араион Махә иџьра ҳәа иҟоу ақыҭаҿы аргылара рыԥшааит, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит археолог Шандор Ҟаитан.
Sputnik
Ҟаитан Гал иԥшааз аҭоурыхтә ргыларазы: ихьчамзар, иаанханы иҟоу бгар алшоит

"Махә иџьра ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҿы иҟоуп абаажә аргылара. Уажәы уа аӡәгьы дынхом, арасаҭра ыҟоуп. Иара аиқәҵарала Аԥсуа Баагәара еиԥшуп, убри аҩызаҵәҟьа ахаҳә ауп, насгьы уи аибыркыразы рхы иадырхәоз еиԥшуп. Абаа ахәы иқәгылоуп, аха уи аҿыбгара иаҿуп, абжьагьы ҿыбганы атыша иҭаҳаит. Иаанханы иҟоугьы лассы-лассы аҿыбгара иаҿуп. Альпинист маҭәахәқәа рыла иалыршахеит атышахь албаара, археологиаҿы иҟоу "акультуратә слои" ҳәа изышьҭоу иҟоу иҟами аилкааразы. Иара макьана еиқәханы иҟоуп, акыцлых ала иуҳәар ҟалоит, Аԥсуа Баагәараҿы иҳақәшәоз ишеиԥшу. Ажрақәа рыҟаҵара ҳаламгеит, уи аус хацуркуазар, аҭыԥ хьчатәуп. Ус еиԥш аусурақәа рымҩаԥгара, ахьчаратә ԥшаарақәа абаҟа аиқәырхаразы, финансла макьана ҳазыхиам", - иҳәеит Ҟаитан.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ажәытә бааш хыжәжәара:археологцәа иҭырҵааит Аԥсуа Баагәара ду даҽа хәҭак
  • Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп