Кьышьмариеи Шоигуи ар рмодернизациазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Аҩтәылак русеицура официалла иалагеит Урыстәыла Аԥсны аназханаҵаз инаркны.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа Москва диԥылеит Урыстәылатәи иколлега Сергеи Шоигу, абри атәы аанацҳауеит ателеканал "Звезда".

Аҩтәылак ртәылахьчаратә усбарҭақәа рхадацәа русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас Аԥсны арбџьармчқәа рмодернизациазы иаҭаху ахарџьқәа рфинансыркразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Адокумент напы аҵаҩын Урыстәылеи Аԥсныи рыбжьара Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Уаанӡа изларҳәаз ала, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә ҵараиурҭақәа рахь ишҭалаз Аԥснынтәи акурсантцәа 60, урҭ рахьтә хәҩык ӡӷабцәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Беиаԥҳа: ахаҵа арра маҵзура дахысаанӡа, хаҵаҵас ашьақәгылара ицәыуадаҩуп
  • Аԥсны Атәылахьчара аминистрра: аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зааӡо арра маҵзура ауп