АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа заатәи рылҵшәақәа рыларҳәоит ашьыжь нанҳәа 26 рзы

Алхратә комиссиа хада адырра ҟанаҵеит Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит ҳәа. Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи макьана ихарҭәаау адыррақәа ыҟам, аха еилкаауп 56% инареиҳаны рыбжьы шарҭаз, абри атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аԥсны ахада иалхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рыларҳәоит ашьыжь, асааҭ 10:00 рзы, абри атәы иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Алхрақәа мҩаԥысит: 56% алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

"Уажәы абжьқәа рыԥхьаӡара иалагоит. Уи шаҟа аамҭа рцәақәӡуа макьана исыздыруам. Жәларбжьаратәи апресс-центр аусура инақәыршәаны, заанаҵтәи рылҵшәақәа рыларҳәоит нанҳәа 26 ашьыжь, асааҭ 10:00 рзы", - иҳәеит Гогьиа.

Алхырҭатә ҭыԥқәа раркра ашьҭахь, Алхратә комиссиа хада адырра ҟанаҵеит Аԥсны ахада иалхрақәа официалла ишымҩаԥысыз. Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи макьана ихарҭәаау адыррақәа ыҟам, аха еилкаауп 56% инареиҳаны рыбжьы шарҭаз.

Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартын асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.