Гагра араион аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысит

Sputnik

ГАГРА, нанҳәа 25- Sputnik. Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы рыбжьы арҭеит 57,54% алхыҩцәа.

Гагра араион 46,72% алхыҩцәа рыбжьы арҭеит 17 сааҭынӡа

Гагра араион аҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп. Алхратә ҭыԥ хадақәа хәба ирыҵаркуаз алхырҭатә ҭыԥқәа 29 рҟны, аамҭалатәи аихшьаалақәа рыла, 20 сааҭынӡа рыбжьы арҭеит 14417-ҩык ауааԥсыра, аофициалтәи ихарҭәаауи асиақәа рҟны иарбаз 25 нызқьи 55-ҩык алхыҩцәа рахьтә.

"Ажәбатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны рыбжьы арҭеит 2567-ҩык алхыҩцәа, ажәабатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны 3062-ҩык, ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны 1828-ҩык, ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны 2788-ҩык, ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны 2631-ҩык алхыҩцәа", - ҳәа рҳәеит алхратә ҭыԥ хадақәа рхантәаҩцәа.

Уажәтәи аминуҭқәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны абиуллетенқәа рыԥхьаӡара иаҿуп.