Гәдоуҭа араион аҟны даанкылоуп ауаҩшьразы агәҩара зызрымаз ахаҿы

Нанҳәа 23, 12:30 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟалеит ауаҩшьра иршьыз Анзор Леиба дахьынхоз аҩны аганаҿы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит нанҳәа 23, 12:30 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟалаз ауаҩшьра иуит ҳәа гәҩарас ирымоу ауаҩԥсы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР аофициалтә саит.

Гәдоуҭа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Мгәыӡырхәа иҟалаз ауаҩшьра аҵыхәала

"Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи Гәдоуҭа араион нанҳәа 24 рзы аоператив-ԥшааратә русеицура амҩаԥгараан даанкыланы 1955 шықәса рзы ииз Мгәыӡырха инхо атәылауаҩ Анзор Дараҭиа-иԥа Леиба ишьразы гәҩарас ирымоу ахаҿы - 1983 шықәса рзы ииз Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо атәылауаҩ Анри Анатоли-иԥа Леиба", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа адырраҭара.

Аԥсны ААР адырраҭараҟны иазгәарҭоит иааныркылаз хаҭала игәаҭараан имхын 7.62 акалибр змоу Калашников исистема иаҵанакуа автомати уи ианаало 27 патрони.

Гәдоуҭа араион апрокуратура ихацнаркит Анзор Дараҭиа-иԥа Леиба ишьразы ашьауси иара убасамцабџьар изакәанымкәа аныҟәгареи, аҵәахреи, амҩангареи рзы ашьауси.

Иаанкылоу Анри Анатоли-иԥа Леиба Аԥсны ААР иатәу аамҭалатәи ауаҩы иаанкыларҭахь днагоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Гагра араион аҿы ахаҵа иԥҳәыс дишьит
  • Ԥсҳәы ақыҭан аԥҳәыс лышьра аҽазышәаразы ашьаус хацыркуп