Кәарҷиа Ҭырқәтәыла алхрақәа рымҩаԥгара ахьалмыршахаз азы: зегьы иҳагхоуп
© Sputnik
"Ҳаргьы, ацентртә алхратә комиссиеи, Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнаки зегьы иаҳхароу ыҟоуп. Зегьы иҳагхаз иахҟьаны Сҭампыл алхрақәа зымҩаԥымсит. Ҳәарада, ари ҳариашар ауп, мамзар ҳаԥсам ауп иаанаго. Ҭырқәтәыла сыбжьы заҳауа ҳашьцәа рҿаԥхьа аҭамзаара ду шьҭасҵоит. Ас иҟалоит ҳәа аӡәгьы ҳгәы иҭамызт, ҳара зегьы ҳаиқәышаҳаҭны ари аус ӡбоуп ҳәа ҳаиқәгәыӷны ҳаҟан, аха аус аҿы ианнеи, акгьы алымҵӡеит. Даара хьаас исымоуп сыхәҭаала. Ҽазны ас еиԥш иаҳмыхьроуп", - азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Сҭампыл Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалаӡом
Сҭампыл Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥымсӡеит