Сҭампыл Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥымсӡеит

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСҭампыл
Сҭампыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа амҩаԥысра иаҿуп амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Аԥсны - 152, Москвеи Черкесски - акака.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны АКХ официалла ашәҟәы иҭанаҩит Сҭампыл Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥымсыз азы афакт, абри атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Аӡбамҭа ҳадаҳкылеит Ҭырқәтәыла ақалақь Сҭампыл иахьаҵанакуа Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥымсыз", - иҳәеит Гогьиа.

Уаанӡа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ ахьаадмыртыз ахҳәаа ҟаҵо, иҳәеит ари аҭагылазашьа ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа анырра шанамҭо, еснагь еиԥш, уажәгьы аҟәыӷареи аилкаареи зегьы ишаадырԥшуа, аполитикатә процессқәа ҳдиаспореи ҳареи ҳаизыҟазаашьа иаԥырхагахар шамуа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом - Sputnik Аҧсны
Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0